Ҭырқәтәыла ахада акоронавирус идбалоуп

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан акоронавирус идбалоуп. Ари атәы Ердоӷан “Твиттер” ала ааицҳаит.

Ҭырқәтәыла ахада иажәақәа рыла, иареи иԥшәмеи авирус асимптомқәа рымоуп.

Ердоӷан идыррақәа рыла, аҽыԥхьакраҿ дыҟоуп, инапынҵақәа рынагӡара уаҵәы далагоит.