Ҭинатин Берӡенишвили - Ҳара ҳзы ихадоу - аукраин жәлар ареалтә цхыраара рыҭароуп, ҳара Украина Ауаажәларратә дырраҭара аҟны аимадара ҕәҕәа ҳамоуп, ауаа аинформациа иаша рыҭаразы аус еицаауеит
Қырҭтәыла Актәи аканал Қырҭтәыла иҟоу Украина атәылауаа аинформациатә цхыраара рыднагалоит. Украина атәылауаа Қырҭтәыла Актәи аканал ацәаҳәа ҷыда ала аҭел иасыр рылшоит: (+995) 32 240 94 77.
«Ҳара ҳзы ихадоу – аукраин жәлар ареалтә цхыраара рыҭароуп, ҳара Украина Ауаажәларратә дырраҭара аҟны аимадара ҕәҕәа ҳамоуп, ауаа аинформациа иаша рыҭаразы аус еицаауеит», — илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.
Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхратә гәыҧқәа (ателехәаҧшра, арадио, онлаин-портал) аплатформақәа рыхҧагьы рзы Украина аус руеит, ауаа аинформациа иаша рыдаргалоит. Аинформациатә аибашьреи аинформациа ҧаршеи аларҵәареи аан ари азҵаара аҵакы ду амоуп.