Ҭинаҭин Берӡенишвилии аилахәыра «Аҩны ҧха» адиректори аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, уи ала иазҧхьагәаҭоуп  Актәи аканал ахыбра ҿыц азы афымцамеханикатә инџьныртә усурақәа рымҩаҧгара
Ҭинаҭин Берӡенишвилии аилахәыра «Аҩны ҧха» адиректори аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, уи ала иазҧхьагәаҭоуп  Актәи аканал ахыбра ҿыц азы афымцамеханикатә инџьныртә усурақәа рымҩаҧгара

Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара ахыбра ҿыц аргылара апроцесс активла инагӡоит.  Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвилии аилахәыра «Аҩны ҧха» адиректор Малхаз Куртаниӡеи   аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, уи ала иазҧхьагәаҭоуп  Актәи аканал ахыбра ҿыц азы афымцамеханикатә инџьныртә усурақәа рымҩаҧгара

Ҭинаҭин Берӡенишвили ишылҳәаз ала,  аилахәыра алхра апроцесс иаартны имҩаҧган,  аҳәынҭқарратә аахәарақәа рышьаҭала.

«Ателееилахәыра ахыбра ҿыц  аргылара анеҩстәи аетап иалагеит. Ҳара уи азы аҭакҧхықәра ду ҳадуп. Раҧхьа иргыланы,  иазгәасҭар сҭахуп атендер аҿы ақырҭуа еилахәырақәа аиааира шыргаз,  уи даараӡа сеигәырҕьеит.  Уажәазы аинџьныртә процесс иалагоит,  ари апроцесс аҵакы ду амоуп,  избанзар,  уи адырраҭаратә инџьнырра иадҳәалоуп.  Апроцессқәа зегьы иаартны имҩаҧысуеит,  избанзар ҳахәаҧшцәа аконтент ҿыц мацара акәымкәа,  шаҟа аҧара иныхугьы рдыруазар рҭахуп», — илҳәеит Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Аилахәыра  «Аҩны ҧха» аиурист  Ирина Џьанелиӡе ишылҳәаз ала, атендер инақәыршәаны,  зыӡбахәы ҳәоу аусурақәа  39 844 276 миллион  лари иаҧсоуп.

Ателееилахәыра ахыбра ҿыц дыргылоит Политковскаиа лымҩа  №31 аҿы.  2020 шықәса ҧхынҷкәын азы иалагаз аргыларатә усурақәа хыркәшахоит  2023 шықәса ҧхынҷкәын азы.