Ҭенгиз Церцваӡе ишиҳәаз ала, авакцинациа ирласымхар, аиҳабыра аҧкрақәа реиҭашьақәыргылара рықәшәоит
«Аҵыхәтәантәи хәымш рыҩнуҵҟа есымша 4-5 нызқьҩык раҟара алаҵа ҟарҵоит, уи катастрофоуп. Қырҭтәыла ауааҧсыра ргәабзиарагьы атәылагьы ҧырхага ду азааргоит», — иҳәеит Аинфекциатә паталогиақәеи СПИДи ацентр адиректор Ҭенгиз Церцваӡе.
Иара иажәақәа рыла, авакцинациа аласра ацымлар, аиҳабыра аҧкрақәа реиҭашьақәыргылара рықәшәоит.