Шьамтәыла Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы Иммад Ҳамиси Аҧснытәи аделегациеи аиҧылара рыман
Шьамтәыла Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы Иммад Ҳамиси Аҧснытәи аделегациеи аиҭылара рыман 2017 шықәса нанҳәа 21 рзы. Аиҧылара аартуа Иммад Ҳамис Шьамтәыла Ахада ихьӡала аҧсуа делегациа аҧсшәа реиҳәеит. Арҭ адыррақәа аланарҵәоит Аҧсны де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Иммад Ҳамис иажәақәа рыла Шьамтәыла аиҳабыра ирҧылоу ауадаҩрақәа ирцәымшәакәа аҭынч ҧсҭазаара ашьақәыргылареи асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалареи рҽазыршәоит. Шьамтәыла Апрезидент Башар Асад идҵақәа ирықәныҟәо шьамтәылатәи аиҳабыра хықәкны ирымоуп астратегиатә партниорцәа аус рыцура. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқаррагьы. Шьамтәыла Аҧсны ҩызатә ҳәынҭқарран иахәаԥшуеит, хықәкынгьы иамоуп ҩ-ганктәи аҳәынҭқарратә еизыҟазаашьақәа ҧхьаҟагьы рырҿиара.
Аҧсны де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистр иакәзар Шьамтәылатәи Ареспублика жәларбжьаратәи атерроризм иаҿагылан ақәԥара имҩаҧнаго адгылара шаиҭо атәы азгәеиҭеит. Аҧсны де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҭабуп ҳәа реиҳәеит Шьамтәыла аиҳабыра Аҧснытәи аделегациа Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа иалахәхарц азы ааҧхьара ахьырзаарышьҭыз азы. Ацәыргақәҵаҟны Аҧсны хаз иго апавильон аманы аҭааҩцәа ирызцәырган. Де-факто аминистр иазгәеиҭеит Аҧсны Шьамтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа рганахь аинтерес ду шаадырԥшуа атәы, жәларбжьаратәи атерроризм иаҿагыланы рықәҧара ишадгыло атәы. Иара иҳәеит агәыӷра ду шимоу рацәак имгакәа Шьамтәыла иамоу аҧынгылақәа зегьы ириааины аҭынч бзазара иазыхынҳәып ҳәа.
Иара убасгьы Шьамтәыла Апрезидент Башар Асад ҭабуп ҳәа изынеицҳаит Аҧсны аделегациа Шьамтәыла иҟанаҵ ирзыҟарҵоз агәцаракразы, адкылара ҟәандазы. Аҧсны де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистр Аҧсны анапхгара рыхьӡала ааҧхьара ҟаиҵеит Шьамтәылатәи Арабтә Республика аофициалтә делегациа аҭактә визит Аҧсныҟа имҩаҧнагарц азы. иазәгаҭоуп Аҧсны де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистрра авебдаҟьа ианылаз аҳәамҭаҿы.
ოკუპირებული აფხაზეთის დეფაქტო მთავრობის ე.წ. დელეგაცია სირიის მთავრობის მიწვევით დამასკოში ჩავიდა.
ოკუპირებული რეგიონის მედიასაშუალებების ინფორმაციით, დე ფაქტო საგარეო საქმეთა და ეკონომიკის მინისტრები დაურ კობე და ადგურ არძინბა სირიის მინისტრთა საბჭოს თავმჯდომარეს იმად ჰამისს და საგარეო საქმეთა მინისტრს ალ მუალემომს შეხვდნენ.