Иахьа, Қарҭ, Ахәыҷтәы Евровизиа аартра церемониа мҩаҧысуеит
Иахьа, Қарҭ, Ахәыҷтәы Евровизиа аартра церемониа мҩаҧысуеит

Иахьа, асааҭ 18:30 рзы, Қырҭтәыла амилаҭтә библиотекаҿ, Ахәыҷтәы Евровизиа аартра ацеремониа – ауарҳал ҟаҧшь мҩаҧысуеит. Аартра ацеремониа рхы аладырхәоит аконкурс аҽалархәразы Қырҭтәыла иаҭааз 16 тәылак рхаҭарнакцәа.

Иахьа имҩаҧысуеит афестиваль алахәылацәа реишьҭаргыларатә номерқәа рзы аҵәҭарҧсара. Аартра ацеремониаҿ иқәгылоит Ахәыҷтәы Евровизиаҿ аиааира згахьаз ашәаҳәаҩцәа. Иара убас ақырҭуа балет Сухишвилиаа аконцерт мҩаҧыргоит.