Иахьа аҳҭнықалақь аиҳабыра алахәылацәа Сакребулоҿ шьақәдырҕәҕәоит
Иахьа аҳҭнықалақь аиҳабыра алахәылацәа Сакребулоҿ шьақәдырҕәҕәоит

Иахьа аҳҭнықалақь аиҳабыра алахәылацәа Сакребулоҿ шьақәдырҕәҕәоит.

Қарҭ ахада ҿыц Каха Калаӡе 10 ҩык гамгебелцәеи ақалақьтә маҵзурақәа рнапхгаҩцәеи ашьақәырҕәҕәаразы Сакребулоҿ ркандидатурақәа иқәиргылоит.

Акандидатцәа асааҭ 13 рзы иқәдыргылоит. Сакребуло акомиссиақәа рҿы аилыргарақәа асааҭ 17 рзы имҩаҧысуеит.

Қaрҭ ҿыц иaлху aхaдa Кaхa Кaлaӡе aрaионтә гaмгебелцәa иқәиргылеит.
Сaбурҭaло aрaион aҿы гaмгебели ҿыц иоуп гaиоз Вaсaӡе
Вaке – Нодaр турӡелaӡе
Чуҕуреҭи Зурaб Чиквилaӡе
Дидубе Ирмa Звиaдaшвили
Нaӡaлaдеви Ирaкли Хелaӡе
Глдaни Беқa Миқaутaӡе
Крҵaниси Левaн Џьaҧaриӡе
Мҭaҵминдa Дaвид Киркитaӡе
Исaни Кaхa Лaбучaӡе
Сaмгори Дaвид Кереселиӡе

Иара убас Қарҭ ҿыц иалху ахада Каха Калаӡе иахьа ақалақьтә маҵӡурақәа реиҳабацәеи агамгебелцәеи иқәиргылеит.

Абҵара 13 рзы Каха Калаӡе вицеахада иҭыҧ азы дықәиргылеит Иракли Хмалаӡе. Уи Аенергетика аминистрраҿ Калаӡе ихаҭыҧаҩс аус иуан.

Қарҭ ахада изаҭыҧуа рҭыҧқәа ааныркылоит Баиа Биҭаӡеи, Гига Николаишвли, Иракли Бенделиани, Илаи Елошвили.