Иан Келли - Абордеризациа иарбанзаалак ашьаҿа изакәаным ҳәа ҳаҧхьаӡоит
Иан Келли - Абордеризациа иарбанзаалак ашьаҿа изакәаным ҳәа ҳаҧхьаӡоит

Абордеризациа иарбанзаалак ашьаҿа изакәаным ҳәа ҳаҧхьаӡоит,  ари аҳәаа ахзаҵара амам, – абри еиҧш аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла иҟоу Еиду Америкатәи Аштатқәа рыцҳаражәҳәаҩ Иан Келли. Ацҳаражәҳәаҩ Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Кода-Ҷвриниси асегмент аҿы изакәаным иҧсабаратәым абариер аргылара дақәҿиҭит.

Ари ахымҩаҧгашьа анегативтә ахәшьара аҳҭоит, ари шьҭахьҟа иҟаҵоу шьаҿоуп. Абордеризациа иарбанзаалак ашьаҿа изакәаным, избан акәзар Аахыҵ Уаҧстәылеи Қырҭәтыла егьырҭ ахәҭақәеи ирықәынхо ауааҧсыра еицрызго арҭ аҳәаақәа азхаҵара рымам, – иҳәеит Келли.

Ампыҵахаларатә режим Кода-Ҷвриниси асегмент аҿы изакәаным иҧсабаратәым абариер дыргылеит