Баҭым ахада ҿыц инапынҵақәа рынагӡара далагоит
Баҭым ахада ҿыц инапынҵақәа рынагӡара далагоит

Баҭым ахада ҿыц Лаша Комахиӡе инапынҵақәа рынагӡара  иахьа аофициалла далагоит. Комахиӡе аусурашҟа асааҭ 09:00 рзы шьапыла днеит. Ахада ҿыц дицын ҧыхьатәи ахада Гьаргь Ермаков.

Ҧыхьатәи ахада Лаша Комахиӡе имҩаҧысуа апроектқәа рызкны адыррақәа ииҭеит.

Ақалақь зыҧсы ҭоу организмуп. Ааҧхьара ҿыцқәа еснагь ицәырҵуеит. Алҳраҧхьатәи апериод аан ишысҳәоз, Баҭым азы хадара ду амоуп ақалақь аиҽкаара, адгьылҵаҟатәи акоммуникациақәа рырҽеира, атранспорт, амуниципалтә сервисқәа реиҕьтәра. Ҧшьышықәса  рыҩныҵҟа иҟаҵатәу рацәоуп, ҽ иҳәеит Баҭым ахада ҿыц.