“Аҧсны Аҳәынҭқарра Зҽаҧсазтәыз арҵаҩы” ҳәа аҳаҭыртә хьӡы анашьаразы Аусҧҟа ҭыжьуп
“Аҧсны Аҳәынҭқарра Зҽаҧсазтәыз арҵаҩы” ҳәа аҳаҭыртә хьӡы анашьаразы Аусҧҟа ҭыжьуп

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба“Аҧсны Аҳәынҭқарра Зҽаҧсазтәыз арҵаҩы” ҳәа аҳаҭыртә хьӡы анашьаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит.

Аусҧҟа аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

“Арҵаҩратә усураҟны, изызҳауа аҵеира рааӡараҟны рылшамҭақәа рзы “Аҧсны Аҳәынҭқарра Зҽаҧсазтәыз  арҵаҩы” ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵазааит:

АДЛЕИБА  Емма Қарбеи-иҧҳа  – Н.Хә.Аӡынба лыхьӡ зху Апедагогикатә институт ҧасатәи адиректор

АЏЬЫНЏЬАЛ  Ҭалико Леуа- иҧҳа – Д.И Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;

АКОПИАН  Анник Ардашес- иҧҳа– Гәылрыԥшь араион Цанбекәаратәи абжьаратә школ аерман бызшәеи алитературеи рырҵаҩы;

АСАТИАНИ  Иза Нодар-иҧҳа– Гал араион Хьацхтәи абжьаратә школ аматематика арҵаҩы;

АШӘБА  Валентина -Ҧуҭ-иҧҳа  – Н.З. Багаҭелиа ихьӡ зху Цандрыҧшьтәи абжьаратә школ № 2 алагарҭатә классқәа ҧасатәи рырҵаҩы;

БАРАМИА  Марина Ипполит- иҧҳа – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра азеиҧши апрофессионалтәи ҵараиура аҟәша аиҳабы;

ВОДОВСКАИА  Нинель Александр-иҧҳа– Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху Тҟәарчалтәи абжьаратә школ аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы;

ГАБУНИА  Џьума Махаз-иҧа – М.Н. Ҧкьын ихьӡ зху Жәандәрыҧшьтәи абжьаратә школ адиректор, аматематика арҵаҩы;

ГЬЕРХЬЕЛИА  Нона Константин-иҧҳа– Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;

ГЫЦБА-ГОЧУА  Валентина Камшь-иҧҳа– Гагра араион ахадара Аҵара аҟәша аҧсуа бызшәеи алитературеи ҧасатәи рыспециалист хада;

ЏЬЕЏЬИА  Маиа Константин-иҧҳа – Д.В. Мураҭиа ихьӡ зху Галтәи абжьаратә школ № 2 афизика арҵаҩы;

ЏЬЫНЏЬАЛ  Валентина Сыс-иҧҳа – Е.А. Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ № 5 анемец бызшәа ҧасатәи арҵаҩы;

ЗАРДАНИА  Жьужьуна Деқ-иҧҳа – Гәдоуҭа араион ахадара Аҵара аҟәша аспециалист нага;

ЗИМНИАКОВА  Альбина Иаков-иҧҳа – Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә Ашьхарыуаа рышкол № 10 ахимиа арҵаҩы;

ИНАҦШЬБА  Далиусиа Леуан-иҧҳа – Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху Ҷлоутәи абжьаратә школ аматематика арҵаҩы;

КАСЛАНӠИА Алықьса Махаз-иҧҳа – Н.Хә. Аӡынба лыхьӡ зху Апедагогикатә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ хада;

КӘАРҶИА  Аза Шьаликәа- иҧҳа – Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа аспециалист хада;

КӘЫҴНИА Петиа Кьамшьышь-иҧа – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра арецензиаҟаҵареи арҵагатә шәҟәҭыжьра ахылаҧшреи рыҟәша аспециалист хада;

КЬАХЬБА  Иасон Маҳаир-иҧа – Д.И Чагәаа ихьӡ зху Калдахәаратәи ашкол-интернат абаҩрҵәыра арҵаҩы;

ЛАКОБА  Ирина Зосим-иҧҳа  – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра аҵараиура ахылаҧшреи ахаҭабзиареи рыҟәша аиҳабы;

МАНИА  Надежда Алықьса-иҧҳа – Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә Ашьхарыуаа рышкол № 10 ́алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;

МЕРЦХӘЛАА  Еҭери Леуа-иҧҳа –Гәылрыҧшь араион Ҧшьаҧтәи абжьаратә школ аԥсуа бызшеи алитературеи рырҵаҩы;

РУРУА  Елизавета Калистрат-иҧҳа – Б.Г. Ҭарба ихьӡ зху Гәдоуҭа араион Бамборатәи абжьаратә школ афизика арҵаҩы;

ҬАНИА  Валико Арзамеҭ-иҧа – Н.А. Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратә школ № 1 адиректор;

ҬАРБА Еҭери Алықьса-иҧҳа – Д.И Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ англыз бызшәа ҧассатәи арҵаҩы;

ҬАРБА Еҭери Хәыта-иҧҳа – Асны Аҳәынҭқарра Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра арецензиаҟаҵареи арҵагатә шәҟәҭыжьра ахылаҧшреи рыҟәша аиҳабы;

ҬАРКЬЫЛ Аслан Қәтиа-иҧа – Асны Аҳәынҭқарра Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра маха-шьахалатәи ааӡареи, арранаҧхьаранӡатәи азыҟаҵареи, ауаажәларратә хьчареи рыҟәша аиҳабы;

ҬЫЖӘБА  Луара Пиотр-иҧҳа – В.М. Комаров ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ № 6 абиологиа арҵаҩы;

ХАҲӘБИА Фросиа Баграт-иҧҳа – Тҟәарчал араион ахадара Аҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыҧуаҩ;

ҴӘЫЏЬБА  Земфира  Борис-иҧҳа – Н.Хә. Аӡынба лыхьӡ зху Апедагогикатә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ нага;

ЦОБЕХЬИА  Лиудмила Шьалуа-иҧҳа – Н.Хә. Аӡынба лыхьӡ зху Апедагогикатә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ нага;

ЧЕНГЬЕЛИА  Медеиа Иван-иҧҳа – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыҧуаҩ ;

ШАЛДУГА Надежда Уасил-иҧҳа  – Н.Хә. Аӡынба лыхьӡ зху Апедагогикатә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ нага”.