Ақалақь ахадараҿ Аиҳабыра ҿыц реилатәара мҩаҧысуеит
Ақалақь ахадараҿ Аиҳабыра ҿыц реилатәара мҩаҧысуеит

Ақалақь ахадараҿ Аиҳабыра ҿыц актәи реилатәара иахьа мҩаҧысуеит. Аилатәараҿ ирыхәаҧшуеит аструктуратә реформақәеи акадртә аиҭакрақәеи ирызку азҵаарақәа.

Ақалақь вицеахада Иракли Хмалаӡе иҳәамҭала, акадртә аиҭакрақәа мҩаҧысуеит Ахадара иаҵаракуа аусбарҭақәак, урҭ иреиулур архитектуратәи, амал анапхгараҭареи, атранспорттә маҵзурақәа.

„Алхраҧхьатәи ҳапрограммаҿ ишаҳҳәоз ала, анапхгараҭара иеффакту асистема ашьаҭакра ҳгәы иҭоуп. Ари азҵаара ҳахуаҧшуеит уаҵәы имҩаҧысуа аилатәараҿ,”- иҳәеит Хмалаӡе.

Вицеахада иҳәамҭала, иахьа еилкаахоит ахәыҷ баҳчақәа рхылаҧшра агентраҿ иҭацәу аҭыҧқәа рызҵаара. Ари ада, иахьа имҩаҧысран иҟоу аилатәараҿ иахәаҧшуеит аҳҭнықалақь 2018 шықәсатәи абиуџьет.