Қарҭтәи ахәыҷбаҳчақәа рҿы арегистрациа актәи аетап иалагоит ҧхынгәы 6 инаркны
Қарҭтәи ахәыҷбаҳчақәа рҿы 2026-2027 аҵаратә ашықәс азы арегистрациа иалагоит ҧхынгәы 6 инаркны.
Амуниципалитет аиҳабыра реилатәараҿы аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе ишиҳәаз ала, арегистрациа мҩаҧгахоит 3 етапк рыла, Ахәыҷбаҳчақәа рхылаҧшра агентра авебдаҟьа – kids.org.ge. аҿы.
„Ахәыҷқәа ррегистрациа аелектронтә хархәагала имҩаҧгахоит, ари апроцесс иалагоит ҧхынгәы азы. Арегистрациа мҩаҧгахоит 3 етапк рыла, Ахәыҷбаҳчақәа рхылаҧшра агентра авебдаҟьаҿы. Актәи аетап иалагоит ҧхынгәы 6 асааҭ 10:00 рзы, уи нагӡахоит ҧхынгәы 12 асааҭ 00:00-нӡа. Ари аетапаҿ арегистрациа иахысуеит: Қарҭ ашәҟәы иҭагалоу, социалла ихьчам аҭаацәарақәа рхәыҷқәа; аҵаратә ҭахра ҷыдақәа змоу ахәыҷқәа; Қарҭ иҟоу Ахәыҷтәы ҩнқәа рбенефицарцәа; Қарҭ инхо, зымацара зхәыҷқәа зааӡо атәылауаа рхылҵ, иара убас, Қарҭ инхо, ахылҵ рацәа змоу аҭаацәара астатус змоу атәылауаа рхылҵ; арратә маҵзуҩцәа рхылҵ; ахәыҷбаҳчақәа русзуҩцәа рхылҵ.
Аҩбатәи аетап азы арегиострациа иахысуеит Қарҭтәи амуниципалитетаҿ ашәҟәы иҭагалоу ахәыҷқәа. Ахҧатәи аетап иалагоит ҧхынгәы 20 асааҭ 10:00 рзы, уи ала иазҧхьагәаҭоуп зегьирзеиҧшу арегистрациа, ахәыҷқәа ашәҟәы иахьҭагалоу аҭыҧ иахьыҧшымкәа“, – иҳәеит Каха Калаӡе.