Иракли Кобахиӡе Китаи ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит

17:18, 01.07.2026

​Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Китаитәи жәлартә республика ацҳаражәҳәаҩ Ҷоу Циен диҧылеит. 

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала,  астратегиатә партниоррра аҩаӡарашҟа аиасра абзоурала, Қырҭтәылеи Китаии реизыҟазаашьақәа рҿы алшара ҿыцқәа цәырҵеуит, аполитикатәи, иара убас, ахәаахәҭра-економикатәи атранзиттәи аимадарақәа рырҭбаара аганахьалагьы. 

Аганқәа рхаҭарнакцәа астратегиатә партниорра аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭрақәа ирхылҵыз алҵшәақәеи, иара убас, наҟ-наҟ аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәеи ирылацәажәеит. .

Аҧыза-министр, Китаитәи жәлартә республика ацҳаражәҳәаҩ ақырҭуа-китаитәи еизыҟазаашьақәа рҿиараҿы иҟаиҵо алагала ду азгәаҭаны, ҭабуп ҳәа иеиҳәеит. 

Аиҧылара ихы алаирхәит аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании. 

Еиԥшу