Қырҭтәыла аҧыза-министр иӡбара ала, агуманитартә цхыраара аҳасабала, Афганистанҟа аӡрыжәтә дәықәырҵеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр иӡбара ала, агуманитартә цхыраара аҳасабала, Афганистанҟа аӡрыжәтә дәықәырҵеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр иӡбарала, иахьа, Афганистанҟа, лымкаала, Қабултәи аҳаирбаҕәазаҿы иҟоу ауааҧсыра рзы, агуманитартә цхыраара аҳасабала, аӡрыжәтә дәықәырҵоит.
Аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Реваз Џьавелиӡе иҳәамҭала, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи иапартниорцәа ирыдгылоуп, агуманитартәи аевакуациатәи процессқәа активла ирылахәып.

„Ишыжәдыруа ала, Афганистан иҟалаз ахҭысқәа рымшала аглобалтә гуманитартә кризис ҳҭагылар ауеит. Абарҭ апроцесс рҿы Қырҭтәыла жәларбжьаратәи апартниорцәа ирыдгылоуп, агуманитартәи аевакуациатәи процессқәа активла ирылахәып. Қырҭтәыла аҧыза-министр иӡбарала, Афганистан, лымкаала, Қабултәи аҳаирбаҕәазаҿы иҟоу ауааҧсыра рзы, агуманитартә цхыраара аҳасабала, аӡрыжәтә дәықәаҳҵоит.  Қырҭтәыла, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи аинститутқәеи русзуҩцәа зыҧшра ҟамҵакәа Афганистанынтә ралгара иазку жәларбжьаратәи аҽазышәара активла иалахәып. Ақырҭуа аган, Адемократиатә адгылара амилаҭтә фонд (NED), Жәларбжьаратәи ареспубликатә институт (IRI), Азиатәи аҿиара абанк (ADB), Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд (IMF) , Адунгеи абанк (WB) уҳәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа русзуҩцәа Афганистан иалганы аамҭала Қырҭтәылаҟа риагара иазкны иҟарҵаз ааҧхьара иақәшаҳаҭхеит.  Убри адагьы, Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазеи аҳаирбаҕәаза иазааигәаны иҟоу Қырҭтәыла арбџьармчқәа арратә базеи рҿы еиҿкаауп арегионалтә атранзиттә центр, Қабулынтә Қарҭтәи аҳаирбаҕәазашҟа апассаџьырцәа наргоит еиуеиҧшым ачартертә реисқәа рыла“, – иҳәеит Реваз Џьавелиӡе.