Қырҭтәыла апарламент аҿы  "Амнистиа иазку" азакәанпроект ахәаҧшра иалагоит  
Қырҭтәыла апарламент аҿы  "Амнистиа иазку" азакәанпроект ахәаҧшра иалагоит  

 

«Иахьа Қырҭтәыла апарламент аларгалоит  «Амнистиа иазку» азакәанпроект. Азакәанпроект ала иазҧхьагәаҭоуп  азакәанпроект аҿы иарбоу ацәгьаурақәа ҟазҵаз ауааҧсыра 2020 шықәса ҧхынҷкәын 11нӡа ашьуҕатә ҭакҧхықәреи ахьырхәреи рықәхра», — иҳәеит ауаҩы изинқәеи атәылауаҩратә интеграциеи азҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Михаит Сарџьвелаӡе.

Иара иҳәамҭала, ауаҩшьра ма аҭаацәараҿы амчыла уҳәа, абри аҩыза ацәгьаурақәа азакәанпроект ала иазҧхьагәаҭам.