Қырҭтәыла алаҵақәа рыҟаҵара жәабран анҵәамҭазы иалагоит
Қырҭтәыла алаҵақәа рыҟаҵара жәабран анҵәамҭазы иалагоит

Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭамар Габуниа иҟалҵаз аҳәамҭала, алаҵақәа рпрограммазы аҽазыҟазара нагӡоит. Габуниа лажәақәа рыла, аперсонал атренинг рзымҩаԥыргоит, Қырҭтәыла алаҵақәа рыҟаҵара жәабран анҵәамҭазы алагоит.

Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыԥуаҩ ишылҳәаз ала, «Ковакс» аҟынтә Қыртәыла 400 000 доза алаҵақәа аиуеит, 2,5 миллион адоза – егьырҭ амеханимқәа рҟынтә. Габуниа лажәақәа рыла, арҭ амеханизмқәа Евроеидгыла иалоу атәылақәа рҟны еилацәажәарақәоуп, иара убас алаҵа ааглыхцәа рҟны ишиашоу еилацәажәарақәа.

«Актәи аквартал зегьы рзы даара уадаҩуп, ԥыҭраамҭак ашьҭахь ааглыхра иазҳауеит, ахԥатәи аԥшьбатәи акварталқәа рзы ашансқәа еиҳахоит. «Ковакс» аҟынтә 400 000 доза аиура мацара ҳалшоит даҽа 2,5 миллион адоза – егьырҭ амеханимқәа рҟынтә. Габуниа лажәақәа рыла, арҭ амеханизмқәа Евроеидгыла иалоу атәылақәа рҟны еилацәажәарақәоуп, иара убас алаҵа ааглыхцәа рҟны ишиашоу еилацәажәарақәа,” – илҳәеит Габуниа.