Қырҭтәыла аӡбаҩцәа Аиустициа Иреиҳаӡоу ахеилак ҧшьҩык алахәылацәа алырхит
Қырҭтәыла аӡбаҩцәа Аиустициа Иреиҳаӡоу ахеилак ҧшьҩык алахәылацәа алырхит

Иахьа, Аӡбаҩцәа рконференциаҿы, Аиустициа Иреиҳаӡоу ахеилак ҧшьҩык алахәылацәа алырхит  — Бадри Шониеи, Ҭемур Гогохиеи, Гоча Абусериӡеи, Леван Миқабериӡеи.

Абжьыҭира рхы аладырхәит аконференциа иалахәыз  291ҩык аӡбаҩцәа. Урҭ реиҳара акандидатцәа ирыдгылеит.

Аиустициа ахеилак уажәтәи алахәылацәа – Дырмит Ҕвритишвилии, Васил Мшвениераӡеи, Иракли Шенгелиеи, Иракли Бондаренкои рзинмчы аҿҳәара нҵәоит рашәара 24 рзы.

Аконференциа анымҩаҧысуаз аамҭазы Аиустициа иреиҳаӡоу ашкол аҧхьа амитинг мҩаҧысуан. Адемонстрантцәа Аиустицциа Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа ралхра апроцесс ахырҧара иаҳәон. Дара ишырҳәаз ала, аиҳабыра  «аӡбаратә системаҿы рклан дырҕәҕәар рҭахуп».