Марина Калиуранд – Хара имгакәа Қырҭтәыла аполитикатә кризис иалҵны, атәылазы зҵакы дуу азҵаарақәа рыӡбара алшап ҳәа ҳгәыҕуеит
Марина Калиуранд – Хара имгакәа Қырҭтәыла аполитикатә кризис иалҵны, атәылазы зҵакы дуу азҵаарақәа рыӡбара алшап ҳәа ҳгәыҕуеит

«Хара имгакәа Қырҭтәыла аполитикатә кризис иалҵны, атәылазы зҵакы дуу азҵаарақәа рыӡбара алшап ҳәа ҳгәыҕуеит », — илҳәеит Европарламент алахәыла Марина Калиуранд Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу аналҭоз.

Лара ишылҳәаз ала, Кристиан Даниелсон,  еиҧҟьарада аинформациа риҭоит атәылаҿы имҩаҧысуа апроцессқәа ирызкны.

«Даниелсони ҳареи аҵыхәтәантәи ҳбрифинг мҩаҧган ҩымчыбжь раҧхьа. Иара еиҧҟьарада аинформациа ҳаиҭоит атәылаҿы имҩаҧысуа апроцессқәа ирызкны. 2 раундк макьана алҵшәа рхылымҵит, уи даараӡа ҳаргәамҵуеит, аха, ишеилыскаауа ала, амедиациа макьана ихыркәшам.  Уажәазы Қарҭ ари апроцесс иалахәып Америкеи Евроеидгылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа. Ишыздыруа ала, аполиткиатә партиақәа акомпромисс аҧшаара иаҿуп.  Хара имгакәа Қырҭтәыла аполитикатә кризис иалҵны, атәылазы зҵакы дуу азҵаарақәа рыӡбара алшап ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит Марина Калиуранд.