Иракли Кобахиӡе  - Михаил  Саакашвили Қырҭтәыла дыҟам, дыҟазҭгьы, ажәлар лабҿаба ирбон иара дышччархәу
Иракли Кобахиӡе  - Михаил  Саакашвили Қырҭтәыла дыҟам, дыҟазҭгьы, ажәлар лабҿаба ирбон иара дышччархәу

Михаил  Саакашвили Қырҭтәыла дыҟам, дыҟазҭгьы, ажәлар лабҿаба ирбон иара дышччархәу, — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе иахьа шьыжьымҭан Саакашвили иҟаиҵаз ҳәамҭақәа данрыхцәажәоз.

Иахьа шьыжьымҭан Михаил Саакашвили асоциалтә аҳала адырра алаирҵәеит иара маӡала Қырҭтәылаҟа дааизшәа.

Нас, еиҭах иалаирҵәаз авидеоааҧхьараҿы аргама ааицҳаит Баҭым дшыҟоу.

Ари аинформациа иадҳәаланы Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишаарыцҳаз ала, Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили Қырҭтәыла аҳәаа дахымсыцт.