Иракли Ӷарибашвили - Ҳапрогнозқәа рыла, ашықәс анҵәамҭазы ҩррыцхәк рыла ишьақәгылоу аекономикатә азҳара ҳамазауеит, абиуџьет 310 миллион лари рыла азҳара ҳалшеит
Иракли Ӷарибашвили - Ҳапрогнозқәа рыла, ашықәс анҵәамҭазы ҩррыцхәк рыла ишьақәгылоу аекономикатә азҳара ҳамазауеит, абиуџьет 310 миллион лари рыла азҳара ҳалшеит

Ҳапрогнозқәа рыла, ашықәс анҵәамҭазы ҩррыцхәк рыла ишьақәгылоу аекономикатә азҳара ҳамазауеит, абиуџьет 310 миллион лари рыла азҳара ҳалшеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-миниситр Иракли Ӷарибашвили иахьа имҩаԥысыз аиҳабыра реилатәара аҿы.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, иаауа ашықәс азы атәыла абиуџьет 65 миллиард лари иаҟарахоит.

“Ауааԥсыра асоциалтә адгылареи аекономика аҿиареи рзы иҳадаҳкылаз аӡбарақәа ртәы расҳәар сҭахуп. Сынтәа аекономикатә азҳара ӷәӷәа ҳаман. Ҳапрогнозқәа рыла, ашықәс агнҵәамҭазы ҩррыцхәк рыла ишьақәгылоу аекономикатә азҳара ҳамазауеит, абиуџьет 310 миллион лари рыла азҳара ҳалшеит.

Уи ада, ауал армаҷра ҳалшан, 2022 шықәсазы Азеиԥш аҩнуҵҟатәи аалыҵ аганахьала 60% ауал армаҷра 51ю1% рҟынӡа ҳалшеит. Ари ада, 2022 шықәсазы  6%-тәи аекономикатә азҳара  ҟалоит ҳәа ҳпланқәа ирылоуп. Иаауа ашықәс азы абиуџьет 65 миллиард лари иаҟарахоит. Абиуџьет адефицит 4.2% иаҟарахоит, 2022 шықәсазы аиҳабыра руал 51,1% иаҟарахоит,” – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.