Иракли Ӷарибашвили - Аолимпиатә чемпион ҳамҭас миллион лари иоуеит
Иракли Ӷарибашвили - Аолимпиатә чемпион ҳамҭас миллион лари иоуеит

Аиҳабыра рыӡбара инақәыршәаны, аолимпиатә чемпион ҳамҭас миллион лари иоуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәыла аолимпиатәи апараолимпиатәи делегациақәа алахәылацәа рҭоубашьҭаҵара ацеремониаҿ данықәгылоз.

“Уажәы саншәыхәаԥшуа амилаҭ-чемпион ҳауп ҳәа избоит, ҳмаҷуп, аха абаҩхатәра ду ҳамоуп, ахьӡ-аԥша змоу аспортсменцәа ҳамоуп. Ҳбираҟ ду аҵаҟа ҳгимн изныкымкәа дырҳәоит ҳәа агәра згоит. Ақәҿиарақәа ишәзеиӷьасшьоит. Ҳаиҳабыра иаднакылаз аӡбара шәасҳәарц сҭахуп – аолимпиатә чемпион ҳамҭас миллион лари иоуеит,” – иҳәеит Иракли  Ӷарибашвили.