Иракли Ӷарибашвили - Актәи фымз рзы аекономика 12%-тәи азҳара ҳамоуп, ари иабзоураны сынтәа ауал ҳамгаӡеит
Иракли Ӷарибашвили - Актәи фымз рзы аекономика 12%-тәи азҳара ҳамоуп, ари иабзоураны сынтәа ауал ҳамгаӡеит

Актәи фымз рзы аекономика 12%-тәи азҳара ҳамоуп, ари иабзоураны сынтәа ауал ҳамгаӡеит, – иҳәеит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иахьа имҩаԥысыз Аиҳабыра реилатәара аҿы.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, ари иабзоураны абиуџьет миллиард лари иреиҳауп. Адунеи аҿы апрецедент змам азҳара ҳамоуп – 45%-тәи азҳара мшаԥымзазы, 25%-тәи  – лаҵаразы,18%-тәи рашәаразы. 12%-тәи азҳара ҟалоит ҳәа ҳазыԥшуп ԥхынгәы азы,” – иҳәеит аԥыза-министр.