Иракли Ӷарибашвили - Аепидҭагылазаашьа иҭышәынтәалеит, апрогнозқәа рыла, жьҭааразы ҭынчрахоит
Иракли Ӷарибашвили - Аепидҭагылазаашьа иҭышәынтәалеит, апрогнозқәа рыла, жьҭааразы ҭынчрахоит

Аепидҭагылазаашьа ахшыҩ азыҽтны ҳахылаԥшуит, аепидҭагылазаашьа аҭышәнтәалара иалагеит, ахаамобилизациа уеизгыь аҭахуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иахьа имҩаԥысыз аиҳабыра реилатәара аҿы.

Аԥыза-министр атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит алаҵақәа ҟарҵарц. Иракли Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз ала, аиҳабыра рпланқәа ирылоуп цәыббра анҵәамҭазы 2 миллион ҩык алаҵақәа рзыҟарҵарц.