Иахьазы иҟоу аҭҵаарақәа рыла, аклиникатә хатәҷыдарақәа рыла аштамм ҿыци ажәытә штами еиԥшуп
Иахьазы иҟоу аҭҵаарақәа рыла, аклиникатә хатәҷыдарақәа рыла аштамм ҿыци ажәытә штами еиԥшуп

Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Паата Имнаӡе иажәақәа рыла,  ажьырныҳәа 4 рзы Қырҭтәыла иаарԥшыз акоронавирус аштамм ҿыци ажәытә штами аклиникатә хатәҷыдарақәа рыла еиԥшуп.

Имнаӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла акоронавирус зыдбалаз атәылауаа зегьы ранализқәа рҟынтә аштамм ҿыц аӡәы мацара идбалан.

«Апациент аҳәанырцә ныҟәара аҭоурых имамызт, уи аҳәаанырцә иҟаз ауаҩы иҟны аконтакт иман. Ари ауаҩы ианализ аҭҵаара наҳагӡоит,» – иҳәеит Имнаӡе.