Иахьа Украина Аҧыза-министр Қырҭтәыла иофициалтә визит иалагоит
Иахьа Украина Аҧыза-министр Қырҭтәыла иофициалтә визит иалагоит

Иахьа Украина Аҧыза-министр Қырҭтәыла иофициалтә визит иалагоит.  Денис Шмыгаль иацы Қырҭтәыла даҭааит.

Аҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧысуеит  иахьа, Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы. Украина аиҳабыра рнапхгаҩы дидикылоит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министрцәа ишиашо реиҧылара ашьҭахь, аиҿцәажәарақәа нагӡахоит ирҭбаау аформат аҿы.  Иракли Ҕарибашвилии Денис Шмыгали амедиазы  аҳәамҭақәа ҟарҵоит.

Қырҭтәыла иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Украина Аҧыза-министр Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Каха Куҷавеи, Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа аҩбатәии дырҧылоит.

Денис Шмыгали аделегациа алахәылацәеи Қырҭтәыла акзаара зхы ақәызҵаз афырхацәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭаҵаны, ҳаҭырла иргәаладыршәоит.