Гоча Лордқиҧаниӡе Гаагатәи аӡбараҿы ҭоуба иуит  [видео]

Гоча Лордқиҧаниӡе Гаагатәи аӡбараҿы ҭоуба иуит  [видео]

Гаагатәи жәларбжьаратәи аӡбараҿы ҿыц иалху аӡбаҩцәа рҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаҧган. Егьырҭ фҩык аӡбаҩцәа рыгәҭа, ҭоуба иуит Қырҭтәыла аиустициа аминистр Гоча Лордқиҧаниӡе.

Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа рыла, Гаагатәи аӡбара аӡбаҩцәа  рпанынҵақәа рынагӡара иалагоит ҧыҭраамҭак ашьҭахь.

«Гоча Лорҭқиҧаниӡе  — раҧхьатәи ақырҭуа иоуп жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбара аӡбаҩыс иалху.  Ҳтәыла Гаагатәи аӡбараҿы хаангьы ахаҭарнак дамамызт. Алхрақәа мҩаҧган ҵыҧх, ҧхынҷкәын  19 рзы. Гоча Лордқиҧаниӡе икандидатура иадгылеит  76ҩык аделегатцәа. Иара 9 шықәса аҿҳәара иҭаны далырхит.

Гоча Лордқиҧаниӡе Гаагатәи аӡбараҿы аӡбаҩ иаҳасабала аусура далагаанӡа, Қырҭтәыла аиустициа аминистрс аусура наигӡоит», — иануп Аиустициа аминистрра аҳәамҭаҿы.