"Форбс" агәаанагарала, Варӡиа ухы-угәаҿы иаанхо ҭыԥуп
"Форбс" агәаанагарала, Варӡиа ухы-угәаҿы иаанхо ҭыԥуп

“Форбс Испаниа” агәаанагарала, ковид-19 апандемиаан зҭаара ҟало, ухы-угәаҿы иаанхо бжьҭыԥқәа иреиуоуп Варӡиа. Аҭыжьымҭа аныҟәаҩцәа Ирландиеи, Намибиеи, Боливиеи Қырҭтәылеи рҭаара ирабжьанагоит.

“XII ашәышықәсақәа раантәи ари амистикатә ҭыԥ Џьавахеҭи, Аспинӡатәи араион аҿы, амшын аҟнытәи 1300 метр аҳаракыра аҟны ишьҭоуп. Ари адунеи аҿы зегь реиҳа иԥшӡоу аҳаԥқәа рқалақь ауп,” – иануп астатиа аҿы.

“Форбс” испаниатәи аҭыжьымҭа аԥхьаҩцәа Варӡиа абаразы Қырҭтәыла аковид пандемиа иахҟьаны иҟоу аԥкрақәа ирызку адыррақәа ирыднагалоит.