Агеологцәа ахаҳәлеира амшала аҧхасҭа зауз Варӡиа аберҭыҧтә комплекс аҭҵаара иаҿуп
Агеологцәа ахаҳәлеира амшала аҧхасҭа зауз Варӡиа аберҭыҧтә комплекс аҭҵаара иаҿуп

 

Аҧсабаратә лагыларааразы амилаҭтә агентра агеологцәа жьҭаара  18 рзы  ахаҳәлеира амшала аҧхасҭа зауз Варӡиа аберҭыҧтә комплекс аҭҵаара иаҿуп.

Абри процесс ашьҭахь агеологцәа иҟарҵо абжьагарақәа рышьаҭала, Акультуратә ҭынха ахьчара амилаҭтә агентра анеҩстәи уснагӡатәқәа рплан еиқәнаршәоит.

Акультуратә ҭынха ахьчара амилаҭтә агентра  адыррала,  аберҭыҧтә комплекс аҩналарҭаҿ иҟалаз ахаҳәлеира  Варӡиа акомплекс ахаҭа аҧхасҭа азаанамгеит.  Аусбарҭаҿ ишырҳәаз ала, агеологиатә процессқәа мҩаҧысуан амузеи анҭыҵ, уи иаҧну аҵакырадгьылаҿ.