ЕАШ аҳәынҭҟарратә департамент ахаҭарнак ишааицҳаз ала, Натои Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿкаара аминистериал аҿы Ентони Блинкен Урыстәыла ала импыҵахалоу Украинеи Қырҭтәылеи ртерриториақәа рыхцәажәарц игәы иҭоуп

Иаауа амчыбжь азы имҩаԥысран иҟоу Натои Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿкаара аминистериал аҿы ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡагықәгаҩ Ентони Блинкен Урыстәыла ала импыҵахалоу Украинеи Қырҭтәылеи ртерриториақәа рыхцәажәарц игәы иҭоуп. Ари атәы ааицҳаит Европеи Евразиеи рызҵаарақәа рзы ЕАГ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ ицхырааҩ Карен Донфрид.

Донфрид лажәақәа рыла, ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ абҵара 30 инаркны ԥхынҷкәын 1-нӡа Рига имҩаԥысран иҟоу Нато аминистериали ԥхынҷкәын 2-3 рзы Стокгольм имҩаԥысран иҟоу Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿкаара аминистериали рҿы Украина аҳәаа ааигәаа иҟоу аҭагылазаашьа ада, Урыстәыла ала импыҵахалоу Украинеи Қырҭтәылеи ртерриториақәа, Ашьхатә Карабахтәи аимакаи, Беларус иҟоу акризиси рыхцәажәарц игәы иҭоуп. Донфрид ишаалыцҳаз, Қырҭтәылеи Украинеи рхаҭарнакцәа рҟны аиԥылара Рига имҩаԥысран иҟоу аминистериал аҿы мҩаԥгахоит.