Давиҭ Сергеенко  - Ацҳаражәҳәаҩцәа дара рхатә позициа акәымкәа, ртәыла апозициа ауп иаадырҧшуа
Давиҭ Сергеенко  - Ацҳаражәҳәаҩцәа дара рхатә позициа акәымкәа, ртәыла апозициа ауп иаадырҧшуа

«Ацҳаражәҳәаҩцәа дара рхатә позициа акәымкәа, ртәыла апозициа ауп иаадырҧшуа. Дара  «ахәаахәҭҩцәа, атҟәацәа» ҳәа рыхцәажәара ҟалом, уи аиҿцәажәаратә процесс иаҧырхагоуп», —  иҳәеит апарламент ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Давиҭ Сергеенко.

«Ацҳаражәҳәаҩцәа зегьы ҳстратегиатә партниорцәа роуп. Аоппозициа рыхәҭак абас иахьрылацәажәо уамашәа избоит. Ацҳаражәҳәаҩцәа дара рхатә позициа акәымкәа, ртәыла апозициа ауп иаадырҧшуа, убри аҟынтә  «ахәаахәҭҩцәа, атҟәацәа» ҳәа рыхцәажәара ҟалом, уи аиҿцәажәаратә процесс иаҧырхагоуп», —  иҳәеит Давиҭ Сергеенко.

Ишыжәдыруа ала, ателееилахәыра  «Мҭавари» ашьаҭаркҩы Ника Гварамиа Қырҭтәыла аус зуа ацҳаражәҳәаҩцәа аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ишакәым ала дрыхцәажәеит. Гварамиа ишиҳәо ала,  «уажәтәи анапхгара хымҧада иҧыхзаауеит, аха, ацҳаражәҳәаҩцәа  антиақырҭуа рхымҧаҧгашьазы аҭамзаара ашьҭаҵара рықәшәоит».  Иара убас, Гварамиа ишиҳәаз ала, «аамҭа-аамҭала ацҳаражәҳәаҩ Дегнан лҟынтә ааха иоуеит, лара лхаҭыҧуаҩ  Гаргь Руруа бџьартә банда анапхгаҩы ҳәа изиҳәеит».

Гварамиа иажәақәа рыла, «Ҳарцели Дегнани рхымҩаҧгашьа ауп Мраҭашәара иаҧырхагоу, избанзар дара  «атҟәацәа рыла ахәаахәҭра» иалахәып,  «Ақырҭуа гәахәтәы» аинтересқәа рыхьчаразы атҟәацәа еиҭнырыҧсахлоит.