Аслан Бжьаниа – Ақырҭқәа Аԥсны еиҭах Қырҭтәыла иаҵанакуеит ҳәа ргәы иаанагоит, зымҽхак дуу аҳәынҭқаррақәа ари иадгылоит, убри аҟынтә арратә шәарҭадара актәи аҭып ааннакылоит
Аслан Бжьаниа – Ақырҭқәа Аԥсны еиҭах Қырҭтәыла иаҵанакуеит ҳәа ргәы иаанагоит, зымҽхак дуу аҳәынҭқаррақәа ари иадгылоит, убри аҟынтә арратә шәарҭадара актәи аҭып ааннакылоит

Урыстәылаҟны атәылахьчаратә  шәарҭадара иакуа аҵакырадгьыл аԥҵара уажәы актәи аҭыԥ ааннакылоит, аҭынчразы ахә ҳшәароуп, – иҳәеит импыҵахалоу Аԥсны де-факто ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәын 3 рзы де-факто Ауаажәларратә палатаҿ имҩаԥысыз аилатәараҿ.

Бжьаниа иажәақәа рыла, арратә хәҭақәа данырҭаа, еиликааит Урыстәылаҟны аимадара шырӷәӷәатәу.

«Ақырқәа рҟны аҭынчратә еилаӡара бжьаҵоуп, аха ақырҭқәа Аԥсны еиҭах Қырҭтәыла иаҵанакуеит ҳәа ргәы иаанагоит, зымҽхак дуу аҳәынҭқаррақәа ари иадгылоит, убри аҟынтә арратә шәарҭадара актәи аҭып ааннакылоит.

Иацы арратә  хәҭақәа сырҭааит, ари ахырхарҭала иҟаҵатәу раҵәоуп. Кавказ 2008 шықәсазы аҭыԥ змаз ахҭысқәа ибзиаӡаны иҳгәалашәоит. Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рызхаҵара аглобалтә алҵшәақәа амоуп. Арратә ҳалианс арӷәӷәареи атәылахьчаратә  шәарҭадара иакуа аҵакырадгьыл аԥҵара уажәы актәи аҭыԥ ааннакылоит, аҭынчразы ахә ҳшәароуп,» – иҳәеит импыҵахалоу Аԥсны де-факто ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәын 3 рзы де-факто Ауаажәларратә палатаҿ имҩаԥысыз аилатәараҿ.