Анџьеи Дуда - Польша ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәылеи Украинеи рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи ахьчара нанагӡоит
Анџьеи Дуда - Польша ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәылеи Украинеи рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи ахьчара нанагӡоит
Дуда иҳәамҭала, аҳәынҭқарратә аҳәаақәа амч ахархәара ала рыҧсахра ҟалом.

«Сара даҽазнык еиҭасҳәар сҭахуп иарбан тәылазаалак, уи аҿҳәаақәҵара азин шамоу. Польша  ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәылеи Украинеи рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи ахьчара нанагӡоит. Аҳәынҭқарратә аҳәаақәа амч ахархәара ала рыҧсахра ҟалом. Иҳаҩсыз ашәышықәсазы ҳара иаҳхаагаз рацәоуп, убри аҟынтә, ари азҵаара алацәажәара азин ҳамоуп. Аҭынчреи ахақәиҭреи рыхьчаразы ари азҵаара еснагь ҳалацәажәоит», —  иҳәеит Польша алидер.