Анемец лоукостер Eurowings анапхгара Қырҭтәыла ахырхарҭала еиҧҟьарада ареисқәа рымҩаҧгара иалацәажәоит
Анемец лоукостер Eurowings анапхгара Қырҭтәыла ахырхарҭала еиҧҟьарада ареисқәа рымҩаҧгара иалацәажәоит

Қырҭтәылаҟа ареисқәа мҩаҧнагоит анемец лоукостер  Eurowings

 

Анемец лоукостер Eurowings анапхгара Қырҭтәыла ахырхарҭала еиҧҟьарада ареисқәа рымҩаҧгара иалацәажәоит.

Зыӡбахәы ҳәоу авиаеилахәыра Қырҭтәыла Атәылауаҩратә авиациа агентра аофициалла иадҵаалахьеит.

«Ҳара ҧаса аус зуаз авиаеилахәырақәа ҳархынҳәуеит, аха,  уи адагьы,  аҿыц еилахәырақәа рыдаҧхьалара ҳалшеит,  уи уақәгәырҕьаратәы иҟоуп.  Eurowings аофициалла азыҳәамҭа ҟарҵеит,  аҧхынразы Қарҭ —  Диуссельдорф  —  Қарҭ ахырхарҭала аҧырра иалагоит,  атуризм анеиҭашьақәгылалалк,  ақырҭуа авиаџьармыкьа иаҳа иҭбаахап ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи азы аминистр Наҭиа Турнава.

Сынтәа,  рашәара  21 инаркны,   Eurowings   Диуссельдорф — Қарҭ  — Диуссельдорф ахырхарҭала мчыбжьык ала ҩынтә,  аҳаирплан  Airbus 320 ала ареисқәа рымҩаҧгара иалагоит.