Амчылара мап ацәаҳкуеит  – Аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аҧхьа имҩаҧысуа акциа  [афото]
Амчылара мап ацәаҳкуеит  – Аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аҧхьа имҩаҧысуа акциа  [афото]

Амчылара мап ацәаҳкуеит  — абри алозунг ала,  АИХ ахаҭарнакцәа аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аҧхьа еизеит. Акциа алахәылацәа  «ТВ Пирвели» аҭыхҩы  Леқсо Лашкарава иҭаацәара ирыдашшылан, ршәара 5 рзы  иҟалаз ахҭысқәа раан ажурналистцәеи аҭыхыҩцәеи рзы амчылара иқәыӡбит.

Актәи аканал ажурналист Қеҭи Ҭуҭбериӡе ишылҳәаз ала,  рашәара 5 рзы ажурналистцәа рзы зеиҧшҟамлац агрессиа аарҧшын.

«Абри аҩыза амчылара аибашьра аангьы иҟамызт. Ҳара амчылара иалахәыз мацара ракәымкәа,  иҿазҵазгьы рхьырхәра ҳаҳәоит», — илҳәеит Ҭуҭбериӡе.