Ҭинатин Берӡенишвили  - Италиа Ауаажәларратә дырраҭареи (RAI)  Азиа – Аокеан ҭынч адырраҭаратә еидгылеи   авебинар ABU-RAI Days аспикер
Ҭинатин Берӡенишвили  - Италиа Ауаажәларратә дырраҭареи (RAI)  Азиа – Аокеан ҭынч адырраҭаратә еидгылеи   авебинар ABU-RAI Days аспикер

Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинатин Берӡенишвили  Италиа Ауаажәларратә дырраҭареи (RAI)  Азиа – Аокеан ҭынч адырраҭаратә еидгылеи   авебинар ABU-RAI Days  аҿы ажәахә ала дықәгылоит.

ABU-RAI Days асериа ахҧатәи аҭыжьра мҩаҧысуеит рашәара   14-15рзы, Милан ақалақь аҿы, иара убас, аамҭакала, онлайн-гибридтә режим аҿгьы.

Авебинар атема  — «Апандемиа аамышьҭахьтәи адунеи аҿы атолерантреи аилибакаареи рырҕәҕәара». Аусмҩаҧгатә раҧхьатәи амш азы Ҭинатин Берӡенишвили асуперпанель аҿы, егьырҭ амедиа – менеџьерцәа драцәажәоит абарҭ атемақәа рзы: зеиҧшҟамлац апроблемақәа рҟынтә иҭышәынтәалоу аӡбарақәа рҟнынӡа  —  ауаа амедиеи адемократиеи рахь  агәрагара рзыхынҳәра аҿы ауаажәларратә медиа инанагӡо ароль.

Ҭинатин Берӡенишвили лыдагьы, асуперпанель рхы аладырхәоит: Италиа Ауаажәларратә дырраҭара агенералтә директор Марсело Фоа, Азиа – Аокеан ҭынч адырраҭаратә еидгыла амаӡаныҟәгаҩ хада  Джавад Мотаги,  Европатәи адырраҭаратә еидгыла  (EBU) агенералтә директор  Ноель Курран, убас егьырҭгьы.