Зураб Џьаԥариӡе ихы дақәиҭуп
Зураб Џьаԥариӡе ихы дақәиҭуп

“Акоалициа аԥсахрақәа рзы” алидерцәа руаӡәы Зураб Џьаԥариӡе ихы дақәиҭуп. Ари атәы асоциалтә ҳаҿы ихаҭа Џьаԥариӡе ааицҳаит. 

“Сдәылҵит!” – иҩит Џьаԥариӡе.

Асоциалтә ҳаҿы аларҵәара зауз адыррақәа рыла, азакәанхьчаҩцәа Ваке, Ҭамарашвили имҩаҿ, хаҿқәак дааныркылеит, урҭ дреиуп  “Акоалициа аԥсахрақәа рзы” алидерцәа руаӡәы Зураб Џьаԥариӡе. Аинформациа ала, Русҭавели имҩаду аҟынтә Ҷавҷаваӡе имҩаду ашҟа ииасыз амитинг алахәылацәа, Ваке апарк аԥхьа амҩа аркра рҽазыркит. Азакәанхьчаҩцәа амитинг алахәылацәа ари алшара рырымҭан, аҭыԥ аҿы аиҿагылара ҟалеит. Аполициа хаҭарнакцәеи акциа алахәылацәеи еиҿагылеит.