Зураб Чхеиӡе - Саакашвили иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, акоронавирус ихьанҭам адыргақәа имоуп, аҳақьымцәа рконсилиум еизганы, ихәышәтәра аплан азы ҳаиқәшаҳаҭхеит, апациент аклиникаҿы даанхоит
„Вивамед“ аклиникатә директор Зураб Чхеиӡе иҳәамҭала, Саакашвили акоронавирус адиагноз анизышьақәдырҕәҕәа ашьҭахь, аконсилиум еизыргеит, уи иалахәын еиуеиҧшым аҳақьымцәа, Саакашвили иҳақьымгьы данрылаҵаны.
Чхеиӡе иҳәамҭала, аконсилиум Саакашвили ихәышәтәра аплан азы еиқәшаҳаҭхеит. Апациент аклиникаҿы даанхоит.
„Ишыжәдыруа еиҧш, иацы апациент акоронавирус адиагноз изышьақәырҕәҕәан, имцашоура дуун. Аҳақьымцәа рконсилиум еизаагеит. Саакашвили имоу ачымазара иазҧхьагәаҭаны, аконсилиум иалахәын агемотологи, арениматологи, насгьы, ҳәарада, Саакашвили дзыхәшәтәуа аҳақьыми аинфекционисти. Уажәазы Саакашвили иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп. Акоронавирус аформа хьанҭам. Иахьа амцашоура имам. Адукат Саакашвили ареанимациашҟа ииагара даҳәон, убри азоуп аконсилиум зеизаҳгаз. Аҳақьымцәа ишырыӡбаз ала, иара апалатаҿ даанхоит “, – иҳәеит Зураб Чхеиӡе.