Зураб Азарашвили ишиҳәаз ала, Ваке апаркаҿ иҟалаз арыцҳараан аахақәа зауз ахәыҷқәа хара имгакәа аклиника иҭыҵыр рылшоит
Зураб Азарашвили ишиҳәаз ала, Ваке апаркаҿ иҟалаз арыцҳараан аахақәа зауз ахәыҷқәа хара имгакәа аклиника иҭыҵыр рылшоит

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили ишиҳәаз ала, Ваке апаркаҿ иҟалаз арыцҳараан аахақәа зауз ахәыҷқәа хара имгакәа аклиника иҭыҵыр рылшоит.

Зураб Азарашвили   «New Hospitals» ашҟа днеины, ааха зауз ахәыҷы дибеит.

Иара ишиҳәаз ала, иацы арыцҳара ду ҟалеит.

«Иҧсыз амаалықь луацәеи Қырҭтәыла ауааҧсыреи срыдашшылоит.  Ари ахәшәтәырҭа иҭоу Лазаре  деиҕьхеит. Агәыҕра дула аклиника сҭыҵит.  Аҳақьымцәеи иҭаацәеи срацәажәеит. Аҷкәын хара имгакәа аклиника дҭыҵыр илшоит ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит.

Ахҧатәи ахәыҷы  Андриа хар имамкәа дыҟоуп,   сааҭк ашьҭахь Иашвили ихьӡ зху  аклиника дҭыҵыр ҟалап», — иҳәеит Азарашвили.