Зураб Азарашвили - 2025 шықәса анҵәамҭазы 60 000 ихҵәоу аҭаацәарақәа анхарҭақәа рымазаауеит
Зураб Азарашвили - 2025 шықәса анҵәамҭазы 60 000 ихҵәоу аҭаацәарақәа анхарҭақәа рымазаауеит

Жәа шықәса раԥҳьа анхарҭақәа 18 000 ихҵәоу аҭаацәарақәа рымаза, 2025 шықәса анҵәамҭазы 60 000 ихҵәоу аҭаацәарақәа анхарҭақәа рымазаауеит, – иҳәеит Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистр Зураб Азарашвилию

Аминистр иажәақәа рыла, ари идуӡӡоу аихьӡароуп.

Зураб Азарашвили Қырҭтәыла хәқалақьк рҿы – Қарҭи, Қәҭешьи, Жәыргьыҭи, Борџьоит, Русҭави имҩаԥысуа зымҽхак ҭбаау аргыларатә усурақәа дрыхцәажәеит. Аминистр ишазгәеиҭаз ала, апроект абиуџьет 900 миллион лари еиҳауп, 2025 шықәса анҵәамҭазы анхарҭақәа роуеит иҵегьы 13 000 ихҵәоу аҭаацәарақәа, уантә 6000 – „Ақыҭан аҩны” аҳәаақәа ирҭагӡаны, 7000 – ҿыц иргылоу аҩнеихагыладуқәа рҿы.