Жәҩык аӡбаҩцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, дара аргама рпозициа адаырҧшыр рҭахуп атәыла астратегиатә партниорцәа иҟарҵаз аҳәамҭақәа ирызуз акритика иадҳәаланы.
«Ҳара, зыӡбахәы ҳәоу аҳәамҭа знапы аҵазҩыз аӡбаҩцәа, аргама ҳпозициа ааҳарҧшыр ҳҭахуп атәыла астратегиатә партниорцәа иҟарҵаз аҳәамҭақәа ирызуз акритика иадҳәаланы.
Қырҭтәыла адемократиа қәыҧшуп, убри аҟынтә аӡбаратә мчра иҭышәынтәалоу аҿиара ауп ҳтәылаҿы адемократиатә принципқәа рырҕәҕәара зхьыҧшу. Астратегиатә партниорцәа имаҷымкәа аресурсқәеи аенергиеи инырхит ареформақәа рымҩаҧгара абзоурала ҳтәылаҿы иаҳа еиҕьу аӡбара иҟазарц азыҳәан. Аӡбара ахьыҧшымра аӡбаҩ цыҧхьаӡа ихьыҧшымра ауп изхьыҧшу. Убри аҟынтә, аӡбаҩ цыҧхьаӡа ирҕәҕәаразы аконкреттә шьаҿақәа ҟаҵатәуп, уи аҵакы ду амоуп.
Ҳгәы ишаанаго ала, абри апроцесс аҿы Америкеи, Евроеидгылеи, Европа Ахеилаки рҧышәеи рыбжьагарақәеи азҧхьагәаҭара ҳтәыла аӡбаратә система аҩнуҵҟа иҳаргылар иаҳҭаху адемократиа иаҵанакәа хәҭоуп. Абри ахырхарҭала жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа хәы змам ацхыраара ҳарҭоит», — иануп аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭа рнапы аҵарҩит аӡбаҩцәа: Ека Арешиӡе, Нино Бакакури, Екатерина Гаситашвили, Леван Дарбаиӡе, Цицино Кикваӡе, Мадонна Маисураӡе, Қеҭеван Месхишвили, Мамука Циклаури, Ҭамар Хажомиа.