Жозеп Боррели Оливер Вархеии «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект иадҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит
Евроеидгыла адипломатиа анапхгаҩы Жозеп Боррели европатәи агәыларатә политикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Оливер Вархеии Қырҭтәыла апарламент ала актәи аҧхьарала «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект иадҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит.
«Евроеидгыла ари азакәан мап ацәкра иазкны изныкымкәа иҟанаҵаз абжьагарақәеи амассатә протестқәеи шыҟазгьы, иахьа Қырҭтәыла апарламент актәи аҧхьарала аднакылеит «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект.
Ари ахҭыс ҳаргәамҵуеит, ари азакәан рыдыркылар, уи евроинтеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла иаҧырхагахоит. Ари азакәан Евроеидгыла ахадаратә нормақәеи апринципқәеи ирышьашәалам.
Қырҭтәыла активтә атәылауаҩратә уаажәларра иҟоуп, дара евроинтеграциа апроцессаҿ атәыла иацхраауеит. Зыӡбахәы ҳәоу азакәан атәылауаҩратә уаажәларра рылшарақәа армаҷуеит, амассатә информациатә хархәагақәа рхы иақәиҭны аусура алшара роуам.
Евроеидгыла Қырҭтәылахь ааҧхьара ҟанаҵоит Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа иаҧырхагахо азакәан рыдрымкыларц», — иануп аҳәамҭаҿы.