Жозеп Боррель – Ҳара ҳажәа наҳагӡароуп, Қырҭтәыла аусқәа ибзианы ицоит
Жозеп Боррель – Ҳара ҳажәа наҳагӡароуп, Қырҭтәыла аусқәа ибзианы ицоит

Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак  Жозеп Боррель иҳәамҭала, арҭбаара – Евроеидгыла адәныҟатәи аполитикаҿ зҵакы дуӡӡоу хырхарҭоуп.

«Адәныҟатәи аполитикаҿы аус зуа ауаҩы иаҳасабала, сара сзы ари азҵаара апринциптә ҵакы амоуп. Сара ауаа рацәа рҿаҧхьа акыраамҭалатәи аҧхықәрақәа схы иадысҵеит, ҳара ари аус ирласны инаҳагӡароуп. Ҳара аинституциатә усура еиҕьаҳтәроуп,  27 иреиҳаны алахәылацәа аус рыцура ҳалшарцаз. Ҳара ҳажәа наҳагӡароуп», — иҳәеит Борель.

Иара убас,  Борель ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла ақәҿиарақәа аиухьеит, ахырхарҭа иашала аусура нанагӡароуп.

«Қырҭтәыла ибзианы аус ауеит, Қырҭтәыла ақәҿиарақәа амоуп. Қырҭтәыла ахырхарҭа иашала аусура нанагӡароуп», — иҳәеит  Жозеп Боррель.