Жозеф Боррель - Ҳпартниорцәа ркиберхыхьчара алшарақәа рырҿиара адгыларазы аусура ҳалашоит, Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи ҳрыдгылоит
Жозеф Боррель - Ҳпартниорцәа ркиберхыхьчара алшарақәа рырҿиара адгыларазы аусура ҳалашоит, Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи ҳрыдгылоит

Евроеидгыла арратә мобилреи акиберхыхьчареи рлан цәырнагеит. Адәныҟатәи политикеи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеф Боррель иҟаиҵаз аҳәамҭала, Европаҿ ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа ԥсаххеит, Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнаго агрессиа жәларбжьаратәи аиҿкаара ашәарҭа ҭаднаргылоит, убри аҟынтә Евроеидгыла ахыхьчаратә политика аҭагылазаашьа ҿыц аҟны адаптациа аҭахуп.

Арратә мобилра аплан инақәыршәаны, Евроеидгыла егьырҭ атәылақәа  арратә техника имарианы аиагареи арратә мчқәа имарианы риагареи  алшара азҳауеит

Борель иажәақә рыла, хымԥада ирыдыркылароуп акибершәарҭадаратә план, Урыстәыла агрессиа акибержәыларақәа ацуп, арҭ ажәыларақәа Украина мацара акәымкәа, Европатәи атәылақәа ржәылароуп. Ари аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны, Боррель Евроеидгылаҿ акибершәарҭадара акоординациатә центр аԥҵара аԥшьгарала дықәгылоит.