Жәларбжьратәи авалиутатә фонд азҧхьагәаҭақәа инрықәыршәаны, 2024 шықәсазы Қырҭтәыла аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа ирдууп  7,6%-нӡа
Жәларбжьратәи авалиутатә фонд азҧхьагәаҭақәа инрықәыршәаны, 2024 шықәсазы Қырҭтәыла аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа ирдууп  7,6%-нӡа

2024 шықәса жьҭааразы адунеитә економика ахҳәааҿы Жәларбжьратәи авалиутатә фонд  Қырҭтәыла аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа азнарҳаит   7,6%-нӡа, аха,  2025 шықәсазы азҳара аласра  6,0 наӡынак ираҟарахоит. Ари аинформациа аланарҵәеит Аекономика аминистрра.

Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ  Вахтанг Цинцаӡе иҳәамҭала,  Қырҭтәыла аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа  7,6 наӡынанӡа аизырҳара европатәи, иара убас, арегионалтәи атәылақәа рырбагақәа иреиҕьуп.

Иара иажәақәа рыла, аиҳабыра ҳасабтәс ирымоуп аекономикатә азҳара аласра ахьчареи Қырҭтәылеи Евроеидгыла атәылақәеи рыҧсҭазаашьа аҩаӡараҿы иҟоу аиҧшымзаара излауа ала армаҷреи.