Жәларбжьаратәи аҿиаразы Америкатә агентра  "Ииашоу алхрақәа" ирыдҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

 

 

«USAID  ихьыҧшым аиҿкаара  «Ииашоу алхрақәа» (ISFED) аҟны аусеицура ахә ршьоит. Ҳара ҳусеицура ала Қырҭтәыла адемократиа аҿиара ҳадгылоит», — иануп Жәларбжьаратәи аҿиаразы Америкатә агентра  (USAID) аҳәамҭаҿы.

«Еицтәараны абыжьқәа рыҧхьаӡара иазкыз ISFED аӡбара ҳақәшаҳаҭуп, дара ажәлар ирыдаргалеит аҩнуҵҟатәи аудит иазку аҳасабырба.  ISFED —  зыхьӡ бзиоу апрофессионалтә еиҿкаароуп. Уи иаарту аинформациа ацәыргареи ахатә дыррақәа рхаҭабзиареи азы еснагь аҭак аҧхықәуп. Ҳара алхрақәа рыцклаҧшразы  аиҿкаарақәа зегьы  иаартны имҩаҧырго русура ҳадгылоит», — иануп  USAID аҳәамҭаҿы.

Алхратә комиссиа хада аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, «Ақырҭуа гәахәтәы»  48,22% абыжьқәа аиуит.  Еицтәараны имҩаҧгаз аҧхьаӡара иазкны мышқәак раҧхьа  ISFED ала  ицәыргаз аҳасабырба инақәыршәаны,  «Ақырҭуа гәахәтәы» амаксималтә алҵшәа  48,3%,  иаҟароуп,   аминималтә  — 46,9%.  Убри аҟынтә, ари аиҿкаареи Алхратә комиссиа хадеи рылҵшәақәа еиқәшәоит.