Жәларбжьаратәи ашьаустә аӡбарҭа апрокурор Карим Ахмад Хан Израиль аԥыза-министри "Ҳамас" алидерцәеи рбаандаҩтәразы аордер аҭыжьра идҵаны иқәиргылоит
Жәларбжьаратәи ашьаустә аӡбарҭа апрокурор Карим Ахмад Хан Израиль аԥыза-министри "Ҳамас" алидерцәеи рбаандаҩтәразы аордер аҭыжьра идҵаны иқәиргылоит

Жәларбжьаратәи ашьаустә аӡбарҭа апрокурор Карим Ахмад Хан Израиль аԥыза-министри “Ҳамас” алидерцәеи рбаандаҩтәразы аордер аҭыжьра идҵаны иқәиргылоит.

ВВС аинформациа ала, Карим Хан заанаҵтәи аӡбарамҩаԥгара апалатахь азыҳәа наишьҭхьеит Израиль аԥыза-министр Ҳан Бениамин Нетаниаҳуи, Израиль атәылахьчара аминистр Иоава Галанти “Ҳамас” хҩык алидерцәа – Газа асектор аҿы “Ҳамас” аиҳабы Иаҳиа СИнвари, агәыԥ арратә хәҭа анапхгаҩы Муҳаммед Аль-Диефи, “Ҳамас” аполитикатә аиҳабы Исмаил Ҳаниеи рбаандаҩтәразы аордер аҭыжьра иадҳәаланы.