Жәларбжьаратәи апроект The Synchromesh алахәылацәа рыхьӡқәа ҳәоуп
Жәларбжьаратәи апроект The Synchromesh алахәылацәа рыхьӡқәа ҳәоуп

Жәларбжьаратәи апроект The Synchromesh алахәылацәа рыхьӡқәа ҳәоуп. Апроект The Synchromesh Ауаажәларратә дырраҭареи Еврокомиссиеи еицынарыгӡоит, уи хықәкыс амоуп арадио апопулиаризациа.

Апроект алахәылацәа алхын иашьашәалоу  ахырхарҭақәа рспециалистцәа рыла ишьақәгылаз ажиури алахәылацәаеи аиҿкаара International arts ахаҭарнакцәеи рыла.

Арежиссиор/апродиусер – Ҭамар Ҷинҷараули;

Асценарист – Гванца Ԥиԥиа;

Амузыкант – Вахтанг Қанҭариа;

Актиор – Мариам Мӷебришвили;

Абжьы аинџьнырцәа- Сандро Туӷушии Ҭамаз Канделакии.

Апроект The Synchromesh аҵарадырратә активрақәа, ссеминарқәа, аԥхынтәи акшол ркомпонент алоуп. Апроект хықәкыс амоуп арадиоспектакль аԥҵара.

The Synchromesh тамилаҭрацәа проектуп, уи арадио аудиодрама ахырхарҭаҿ акариера аиура зҭаху ақәыԥшцәа рырҵара ауп хықәкы амоу. Апроект азы аԥара азоунажьҭит Еврокомиссиа, уи иалоуп бжьҳәынҭқарра – Қырҭтәыла, Ирландиа, Албаниа, Венгриа, Италиа, Украина, Румыниа.