Жәларбжьаратә ареспубликатә институт ахаҭарнакцәа аҿҳәара кьаҿтәи анаԥшратә миссиала Қырҭтәыла иаҭааит
Жьаара 26 рзы имҩаԥысран иҟоу апаралменттә алхрақәа инамаданы, Жәларбжьаратә ареспубликатә институт (IRI) ахаҭарнакцәа аҿҳәара кьаҿтәи анаԥшратә миссиала Қырҭтәыла иаҭааит.
Амиссиа иахагылоуп ЕАШ ԥасатәи аконгрессмен Џьон Шикмуси, Швециа апарламент алахәыла Маргарета Седерфельди, Жәларбжьаратә ареспубликатә институт (IRI) адиректор Жен Тваининги.
28-ҩык аамҭалатәи анаԥшцәеи Қырҭтәыла ԥхынгәы инаркны иҟоу 20-ҩык еснагьтәи анаԥшцәеи алхратә процесс амҩаԥгара иахылаԥшуеит.
Жәларбжьаратә ареспубликатә институт (IRI) арелиз аҿы ишану ала, Евроеидгыла алалара амҩан Қырҭтәыла апрогресс алхрақәа ииашаны рмҩаԥгара иадҳәалоуп.
Амиссиa aлaхәылaцәa ҷыдaлa иaзҿлымҳaхоит aлхрaқәa реиҿкaaреи, АИХ aхaқәиҭреи aaртызaaреи, aлхрaҧхьaтәи aкaмпaниеи, aполитикaтә пaртиaқәa рфинaнсыркреи иaзку aзҵaaрaқәa.
IRI 250 жәларбжьаратә анаԥшартә миссиақәа мҩанагеит. Амиссиа аусзура иаҿуп ЕАР 2005 шықәсазы Жәларбжьаратә анаԥшратә принципқә ирызкны аднакылаз адекларациа шьаҭас аҭаны. IRI – икоммерциaтәым aпaртиaдaтә жәлaрбжьaрaтәи aиҿкaaроуп, уи aдунеи зехьынџьaрa aхaқәиҭреи aдемокрaтиеи aрҕәҕәaрa иaцхрaaуеит.