Женева жәларбжьаратәи адискуссиа 53-тәи араунд иалагаанӡа, аганқәа иахьа атехникатә аиԥылара мҩаԥыргоит
Женева жәларбжьаратәи адискуссиа 53-тәи араунд уаҵәы мҩаԥысуеит, иахьа аганқәа атехникатә аиԥылара мҩаԥыргоит.
Аиԥылараҿ ирыхәаԥшуа зҵаара хаданы иқәгылоуп фпунктк рыла ишьақәгылоу аиқәшаҳаҭра анагӡареи, изакәаным аюордеризациеи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоа аҭагылазаашьа цәгьеи. Ақырҭуа ган еилацәажәарақәа реишәаҿ иқәнаргылоит Заза Гахелаӡеи изакәанымкәа иаанкылоу Қырҭтәыла егьырҭ атәылауаа рызҵаара.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Лаша Дарсалиа иажәақәа рыла, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа цәгьа иахҟьаны, еилацәажәарақәа имариахоит ҳәа игәы иаанагом.