Жьҭаара 13 рзы ЕАШ ахада Дональд Трамп Израиль даҭауеит, – аанацҳаит CNN.
Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Дональд Трамп ивизитаан атәылаҿ зықьҩыла аполициа аусуҩцәеи, аҳәаахьчаратә полициа хаҭарнакцәеи амобилизациа рзыруоит.
“Амҩақәа аркхоит, аҳаирпланқәеи адронқәеи Бен-Гурион ихьӡ зху аҳаирбаӷәазеи Иерусалими рхыԥраара алшахом”, – иануп аполициа аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
Израиль апарламент аспикер Кнесет аҿы ақәгылараан Дональд Трамп Израиль ашҟа аофициалла дааиԥхьеит.